Иракли Кобахиӡе  - Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп, аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит
Иракли Кобахиӡе  - Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп, аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит

 

«Иарбанзаалак ҳәынҭқаррак ҳара ҳҿы имҩаҧысуа алхрақәа аҽаланагалар ҟалом, ари ааҧхьара аҳәынҭқаррақәа зегьы ирызкуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе азҵаара ирҭеит: «Америкатә аҧшыхәара еиуеиҧшым атәылақәа рҿы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы Урыстәыла аҽалагалара проблемас ирыҧхьаӡоит. 100 аҳәынҭқаррақәа, урҭ рыгәҭа, ҳтәылагьы,   Аҩны шкәакәа аҟынтә аинформациа роухьеит. Апревенциеи, иара убас, аҧшыхәаҩцәа раарҧшреи азы иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵара шәгәы иҭоума?».

Ираклия Кобахиӡе ишиҳәаз ала, алхрақәа рахь аҽалагалара ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа рырҭоит.

«Ҧасатәи апарламенттә алахрақәа раан абыжьқәа рҧаршеира уҳәа, ахҭыс цәгьақәа шыҟалаз шәгәалашәоит. Ҳәарада, уи ииашам.  Егьырҭ атәылақәа рҿы алхрақәа шымҩаҧысуа гәашәҭароуп, аха, ишыҟазаалакгьы, даҽа тәылак аҿы алхрақәа рҽалагалара ҟалом. Аҽалагарала ашәарҭара ҟалар, аганқәа зегьы аинформациа раҳҭоит. Ҳаргьы уи ҳазҿлымҳауп», — иҳәеит  Кобахиӡе.