Иракли Кобахиӡе – Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппозициа – аоппозициа акәымкәа, агентуроуп, абри ауп проблемас иҟоу
«Аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» ма апартиа «Амилаҭтә ҵысра» шаҟа ирацәаны асубиектқәа алҵуа аҟара, иаҳа ирацәаны асубиектқәа аҧынгыла изахысуам, аҵыхәтәаны аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» Қырҭтәыла апарламентаҿ иаҳа имаҷу амандат аиуеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе адырраҭара «Имедис Квира» аҿы.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, аоппозициатә флангаҿ апартиақәа реидыҵреи аконфронтациеи абзоурала анапхгаратә партиа иаҳа иҕәҕәахоит.
Иара убас, Кобахиӡе ишиҳәаз ала, атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, Қырҭтәыла арадикалтә мчқәа оппозициа акәымкәа агентуроуп, убри аҟынтә, уи излауа ала ирҧсыҽтәуп.
«Иарбанзаалак атәылаҿы аоппозициа ҕәҕәазар бзиоуп, аха, арадикалтә оппозициа – аоппозициа акәымкәа, агентуроуп, абри ауп проблемас иҟоу. Убри аҟынтә, аоппозициа иадҳәаланы азнеишьа ҷыда ҳамоуп. Дара аоппозициаа ракәымкәа, агентцәоуп, убри аҟынтә аоппозициа излауа ала ирҧсыҽтәуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.