Иракли Кобахиӡе  - Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит

«Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, Евроеидгыла алахәылас ҳҟаларцаз амҩа ду ҳахысроуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара ишиҳәаз ала, евроинтеграциа ахырхарала ирласӡаны ҧхьаҟацара азыҳәан иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

«Евроеидгыла иаҳзықәнаргылаз жә-аҳәарак иҟоуп, урҭ хара имгакәа инагӡатәуп. Ҳәарада, евроинтеграциа ахырхарала ирласӡаны ҧхьаҟацареи аиҿцәажәарақәа ралагареи  азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит.  Ҳара аҽырдадара ҳгәы иҭам, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы – Евроеидгыла алалароуп, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.