Иракли Кобахиӡе – Ҳара абжьагарақәа зегьы наҳагӡеит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла акандидат астатус амҭаразы мзызкгьы иҟам
Ҳара абжьагарақәа зегьы наҳагӡеит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла акандидат астатус амҭаразы мзызкгьы иҟам, – иҳәеит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе абжьагарақәа рынагӡара иазкны аҳасабырба ахьцәыригаз апресс-конференциаҿы.
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Евроеидгыла афактқәа рышьаҭала аӡбара аднакылар, Қырҭтәыла, хымҧада акандидат астатус аиуеит.
„Ацифрақәа рыла аманипулиациа мариоуп. Реалра, аҵакы ҳахәаҧшыр, ибзиаӡаны иубарҭоуп ҳара абжьагарқәа зегьы шынаҳагӡаз, ҳара ҵыҧхгьы акандидат астатус аиуразы ҳмазеин, аха, сынтәа, Қырҭтәыла акандидат астатус амҭаразы изакәызаалак мзызк иҟам. Ҳәарада, ҧхынҷкәын азы аполитикатә аӡбара рыдыркылоит, аполитикатә аӡбараан заанаҵы ахаангьы иуздырӡом уи ҵакыс иамазаауа. Евроеидгыла афактқәа рышьаҭала аӡбара аднакылар, Қырҭтәыла, хымҧада акандидат астатус аиуеит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.