Иракли Кобахиӡе – Европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳамоу аинформациа ала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп
Иракли Кобахиӡе – Европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳамоу аинформациа ала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы,  Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, абжьагарақәа рынагӡаразы аусура иалагахьеит, шықәсык ашьҭахь аиҿцәажәарақәа иалагап ҳәа дгәыҕуеит.

«Украинеи Молдовеи акандидат астатус роуит рашәарамзазы, шықәсыбжак ашьҭахь аиҿцәажәарақәа иалагеит. Ҳара иҳадҳәаланы аиҿцәажәарақәа иаҳа ирласны иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит. Европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳамоу аинформациа ала, ҳаҧхьаҟа ҧхынҷкәын азы, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки Қырҭтәылазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара иахәаҧшраны иҟоуп.  Аусура ҳалагахьеит. Шықәсык ашьҭахь аиҿцәажәарақәа иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Кобахиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аефираҿ.