Иракли Кобахиӡе Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса рзинқәа рзы акомиссар Маикл О’Флаерт диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса рзинқәа рзы акомиссар Маикл О’Флаерт диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Европа Ахеилаки русеицуреи ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2024-2026 шықәсқәа рзтәи аплан анагӡара апроцесси иалацәажәеит. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра ауаҩытәыҩса изинқәеи ахадаратә хақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку. Ишазгәаҭаз ала, атәылаҿы амедиаплиурализми ажәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭреи ишеиқәыршәоу, уи иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла Аконституциеи азакәанҧҵареи рыла.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи, агуманитартә ҭагылазаашьеи, агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рҭынчратә инициативақәеи ирылацәажәеит.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.