Иракли Кобахиӡе Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит
Иракли Кобахиӡе Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҧхынгәы 18 рзы Иеиду аҳраҿ имҩаҧысуа  Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит.

Британиа дуи Аҩадатәи Ирдландиеи иеиду аҳра аҧыза-министр 50 раҟара атәылақәа рлидерцәа идикылоит Вудсток ақалақьаҿ,  Блунҳаим аханаҿ.

Европа аполитикатә аидҵара асаммитаҿ излацәажәо азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи азакәандаратә миграциеи. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  атематикатә дискуссиақәагьы мҩаҧысуеит.

Аҧыза-министр ипрессмаҵзура адыррақәа рыла,  Европа аполитикатә аидҵара аҧшьбатәи асаммит аҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр ицзаауеит Қырҭтәыла аделегациагьы. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.