Иракли Кобахиӡе - Ажәа шәысҭоит, Саакашвили жьҭаара 2-нӡа Қырҭтәылаҟа аара изыгәаҕьуам
«Ажәа шәысҭоит, Саакашвили жьҭаара 2-нӡа Қырҭтәылаҟа аара изыгәаҕьуам», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, иахьа Саакашвили аҩбатәи аҭыҧ аанызкыло апартиа алидер иоуп.
«Саакашвили — аҩбатәи аҭыҧ аанызкыло апартиа алидер иоуп. Қырҭтәылаҟа дшаауа атәы ааицҳаит, аха, сара ашәа шәысҭоит, ижәбап, иара дшәаны, жьҭаара 2-нӡа Қырҭтәылаҟа аара изыгәаҕьуам, убри аҟынтә, иҟаиҵаз аҳәамҭа акгьы аҵанакәам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.