Иракли Кобахиӡе – Ауаҩы аобиективтә критериқәа рыла аҭагылазаашьа дахәаҧшыр, акандидат астатус Қырҭтәыла иатәуп
«Ауаҩы аобиективтә критериқәа рыла аҭагылазаашьа дахәаҧшыр, акандидат астатус Қырҭтәыла иатәуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны Венгриа аиҳабыра рпозициа еилкаауп.
«Аҧыза-министр Орбан ихаҭагьы уи иҳәеит. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит ҵыҧх Қырҭтәыла акандидат астатус анарымҭа зегьы уамашәа ишырбаз. Ҳәарада, Қырҭтәыла ҵыҧхьгьы акандидат астатус аҭатәын, сынтәагьы ари астатус ахәҭоуп. Ауаҩы аобиективтә критериқәа рыла аҭагылазаашьа дахәаҧшыр, акандидат астатус Қырҭтәыла иатәуп. Убри аҟынтә, иааиуа амчыбжь азы Қырҭтәыла хырҳага азаазгаша аҵыхәтәантәи аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — заявил Иракли Кобахиӡе.