Иракли Кобахиӡе  -  Атәыла анапхгара роуп асанкциақәа рзы адипломатиатә аҭак ҟазҵаша
Иракли Кобахиӡе  -  Атәыла анапхгара роуп асанкциақәа рзы адипломатиатә аҭак ҟазҵаша

«Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе иазҵааит Украина анапхгара  Биӡина Иванишвили иуаҵәа  ирзышьақәдыргылаз асанкциақәа ирыдҳәаланы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аконсультациақәа рзы иааҧхьара ргәы иҭоума ҳәа.

«Уи аҧыза-министри   адәныҟатәи аусқәа рминистри роуп изыӡбаша, ҳәарада, ҳаргьы аконсультациақәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп.   Аха, хаҭала сара уи сахыццакуам,  Украина анапхагара рҟны ганкалатәи аиҩызара иҟазар еиҕьасшьоит, избанзар, аукраин жәлари ҳареи аиҩызара ҳабжьоуп, избанзар иахьа рҭагылазаашьа цәгьоуп, Украина аибашьра инагӡоит.  Убри аҟынтә, Украина анапхгара рҟны ганкалатәи аиҩызара сазыразуп. Аха, адипломатиатә аҭак зеиҧшрахо – уи атәыла аиҳабыреи, аҧыза-министри, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи роуп изыӡбаша», — иҳәеит  Кобахиӡе.

Владимир  Зеленски идҵала, ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп.