Иракли Кобахиӡе – Ақырҭуааи аҧсуааи, ақырҭуааи ауаҧсааи рыбжьара еиҭах ашьакаҭәара ҟалар ҟалом, уи игыло абиҧара рҿаҧхьа ацәгьаура дуӡӡахон
Ақырҭуааи аҧсуааи, ақырҭуааи ауаҧсааи рыбжьара еиҭах ашьакаҭәара ҟалар ҟалом, уи игыло абиҧара рҿаҧхьа ацәгьаура дуӡӡахон, – иҩит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳаҿы.
„Пригожин бџьарла иқәгылара анеҩс мчыбжьык еиҳаны ҵит, сара Баҳмут иҟалаз арыцҳара автор мышктәи иавантиуразы ҳоппозициа иҟарҵаз ақәҿыҭра даҽазнык сахцәажәар сҭахуп.
Ҳуааҧсыра иргаласыршәар сҭахуп убри амш азы ҳара шьыжь инаркны ҳоппозициаа рахь ааҧхьара шыҟаҳҵоит абарҭ ахысқәа ҭынч ирыцклаҧшларц. Аха, арадикалтә оппозициа ҳҳәатәы атәарымбеит, ҳазынтәгьы иаҳгәалашәоит аколлективтә Амилаҭтә ҵысра Пригожин идгыларатә аҳәамҭақәа шыҟарҵоз, ақәҿиара шизеиҕьаршьоз, Пригожин игәахәтәы наигӡазҭгьы, уи иҿыҧшны, Аҧсни Цхинвали атанкқәа рыла ражәылара мацара акәымкәа, Шәачагьы агара ргәы иҭан.
Абри аҭоурыхаҿ ихадоу акоуп, аколлективтә Амилаҭтә ҵысра абарҭ ахҭысқәа ишахәҭоу анализ рзыҟамҵеит. Дара адәныҟатәи мчқәа рҟны еиқәшаҳаҭрала рхы мҩаҧыргон, атәыла анапхгара рахь ахшыҩдаратә ааҧхьарақәа ҟарҵон, аха, уи акәӡам хадара злоу. Аколлективтә Амилаҭтә ҵысра украинаа „рыжьххыга“ автор иқәҿиараҿы рхатә шанс рбеит, абри ауп ихадоу.
Пригожин иқәгыларазы арадикалтә оппозициаа рреакциаҿы ибзиаӡаны аарҧшын дара аҩбатәи афронт аартра ишазҿлымҳау. Дара иаартны ирҳәеит иашьашәалоу аберкетқәа рымазҭгьы, раҧхьатәиҵәҟьа ашанс рхы ишадырхәоз Аҧсни Цхинвали атанкқәа рыла ражәыларазы. Даҽазнык ишьақәырҕәҕәахеит Амилаҭтә ҵысра аибашьареи ачарҳәареи апартиа шакәу, дара Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы иарбанызаалак амзыз рхы ишадырхәо.
Ҳәарада, Амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа абри аҩыза аҳәамҭақәа машәырла акәӡам ишыҟарҵоз, дара уажәгьы џьоукы рыдҵақәа нарыгӡоит. Дара ирыдгыло рпартниорцәа хықәкыс ирымоу аҩбатәи афронт аартра, аха, уи адагьы, рхадаратә хықәкқәа иреиуп ақырҭуааи аҧсуааи, ақырҭуааи ауаҧсааи рыбжьара агәреибагара аҧырхагахара“,- иануп Кобахиӡе ишәҟәы аҟны.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ҟалоит аҭынчмҩа мацарала.
„Абри азҵаара иадҳәаланы, анапхгаратә партиа ахьӡала, даҽазнык аргама ааҳацҳар ҳҭахуп: Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара еиҭашьақәгылазароуп аҭынчмҩа мацарала, уи ҳпринциптә позициоуп. Ҳара Аҧсни Самачаблои Қырҭтәылаҟа рырхынҳәра мацара акәӡам иаҳҭаху, ҳара аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларагьы ҳҭахуп. Убасҟаноуп аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ҳара ҳзы қәҿиараны ианыҟало.
Ишәгәаласыршәар сҭахуп, аҩбатәи афронт ааҳартызҭгьы, ҳара ампыҵахалатә режим мацара акәымкәа, аҧсуааи ауаҧсааи рабашьра ҳақәшәон. Ақырҭуааи аҧсуааи, ақырҭуааи ауаҧсааи рыбжьара еиҭах ашьакаҭәара ҟалар ҟалом, уи игыло абиҧара рҿаҧхьа ацәгьаура дуӡӡахон. Уи иазхәыцуа ауаа намыс рымам, мамзаргьы Қырҭтәыла иаҕацәоуп.
Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла аидҵара шҳалшо, убри азыҳәан аҩбатәи афронтә акәымкәа, апрогмативтә, арационалтә политика ауп иаҭаху, ақырҭуааи аҧсуааи, ақырҭуааи ауааҧсааи рыбжьара даҽазнык агәрагара арбгара акәымкәа, агәреибагара аиҭашьақәыргылароуп иаҳҭаху. Ҳара-ҳара ҳабжьара аибашьра акәымкәа, ақәҿиара зауша аҳәынҭқарра аргыларазы аидгылара ауп иаҳҭаху“,- иҩит Иракли Кобахиӡе.