Иракли Кобахиӡе - Аҧыза-министр апарламентахь днеицыҧхьаӡа, адебатқәа рҿы 10:0 ҳәа аиааира игон, ахәашазы, анеиҩстәи адебатқәа рҿы 100:0 ҳәа аиааира игоит
«Аҧыза-министр апарламентахь днеицыҧхьаӡа, адебатқәа рҿы 10:0 ҳәа аиааира игон, ахәашазы, анеиҩстәи адебатқәа рҿы 100:0 ҳәа аиааира игоит. Уи лабҿабароуп, фактуп. Убри аҟынтә, аҧыза-министр аинтерпеллиациақәа рахьгьы иҧхьом», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа ишаҵахаз иазхарҵеит.
«Аоппозициаа убри аҟара иаҵахахьеит, 10:0 ҳәагьы, 100:0 ҳәагьы, уажәшьҭа аинтерппелиациақәа рахьгьы иҧхьом, ишаҵахаз иазхарҵеит. Ахәашазы, анеҩстәи адебатқәа рҿы аҧыза-министр 100:0 ҳәа аиааира игоит. Ҳәарада, ҳуааҧсыра уи ирбоит. Ахықәкы – шықәсыктәи аҳасабырбара ацәыргара. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы иҟаҵаз, реформақәас имҩаҧгаз, шьаҿақәас иҟаҵаз, абри зегьы далацәажәоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Қырҭтәыла аҧыза-министра апарламент апленартә аилатәараҿы дықәгылоит рашәара 30 рзы. Иракли Ҕарибашвили азакәанҧҵаратә орган шықәсыктәи аҳасабырба азцәыригоит.