Иракли Кобахиӡе - Анаклиатәи абаҕәаза аргылараҿы аусурҭа роуеит 500-ҩык раҟара ауааҧсыра, абаҕәаза шықәсыкала 600 нызқь аконтеинерқәа рыдкылара алшоит
Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза раҧхьатәи афаза ахыркәшара ашьҭахь, ари абаҕәаза шықәсыкала 600 нызқь аконтеинерқәа рыдкылара алшоит, аинвестициатә ахәҧса 600 миллион адоллар иаҟарахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аӡытә инфраструктура апроектҟаҵареи аргылареи алагара иазкцыз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, проект раҧхьатәи афазаҿ, аргыларатә процесси, аргыларатәи алогистикатәи усурақәеи рҿы аусурҭа роуеит 500-ҩык раҟара ауааҧсыра. Раҧхьатәи афаза ахыркәшара ашьҭахь, ари абаҕәаза шықәсыкала 600 нызқь аконтеинерқәа рыдкылара алшоит, аинвестициатә ахәҧса 600 миллион адоллар иаҟарахоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, атәылазы астратегиатә ҵакы змоу апроект аргылара иалахәып аҧышәа дуи жәларбжьаратәи ахьӡ дуи змоу бельгиатәи аилахәыра Jan De Nul. Абаҕәаза апроект азы хазхаҭалатәи апартниор иалхра иадҳәаланы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, уажәазы китаи-сингапуртәи аконсорциум аҟны ажәалагалақәа рдетальқәа рылацәажәара иаҿуп, убри анеҩс, хара имгакәа, апартниортәи аконцесиатәи еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.