Иракли Кобахиӡе - «Амилаҭтә ҵысра» ахада имҩаԥылго ауснагӡатә ҳара иаҳусым, лара аконституциа аилагара налыгӡоит
«Амилаҭтә ҵысра» рхада имҩаԥылго ауснагӡатә аҿы уи ҳара иаҳусым, лара аконституциа алагара налыгӡоит, абри еиԥш ауаҩы имҩаԥылго ауснагӡатә ахь ҳнеиуам, – иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе Аҭонели иҟоу арезиденциаҿ Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лыԥшьгарала имҩаԥысуа ауснагӡатә данахцәажәоз.
Кобахиӡе́ иажәақәарыла, анапхгара рхаҭарнакцәа ари ауснагӡатә ашҟа инеиуам.
Ԥхынкәын 13 рзы Аҭонели иҟоу арезиденциаҿ Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылара мҩаԥылгоит, ацҳаражәҳәаҩцәа акампаниа “Ҳабжьы Европа иаҳҭоит” аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгаз анапынҵамҭқәа рылҭоит. Ауснагӡатә ахь иара убас иааԥхьоуп Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа зегьы, аԥыза-министрҵәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи. “Ари зыда ҳхәарҭам консенсусуп, адеполиаризациоуп, уи ала Европашҟа ҳамҩа иманшәалахоит”, – иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахада.