Иракли Кобахиӡе - «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа рзы Саакашвили дагьтәылоуп, дагьҳәынҭқарроуп, дагьҧсадгьылуп
«Амилаҭтә ҵысра» алхәылацәа апарламент аилатәаратә зал аҿы абри апатологиатә уаҩҧсы, Саакавшили ипатреҭ зныз абаннер цәырыргеит. Убри ала зегь еилкаауп. Абри ауаҩ чымазаҩы дара рзы дагьтәылоуп, дагьҳәынҭқарроуп, дагьҧсадгьылуп, — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, «Амилаҭтә ҵысра» апарламент ашҟа рыхынҳәра бзиарак ахылҵып ҳәа игәы иаанагом.
«Рыцҳарас иҟалаз, абри аполитикатә мчы атәылеи адемократиатә системеи азы акгьы рзыҟаҵом. Апарламент аусураҿы аконструктивтә лагалак ҟарҵап ҳәа ҳаҟам. Иахьа апарламент аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа андырҳәоз, дара Саакашвили ибаннер цәырыргеит. Убри ала зегь еилкаауп. Абри ауаҩ чымазаҩы дара рзы дагьтәылоуп, дагьҳәынҭқарроуп, дагьҧсадгьылуп. Абри аҩыза аполитикатә мчы, абри аҩыза ауааҧсыра бзиарак ҟарҵап ҳәа угәыҕратәы иҟам», — иҳәеит Кобахиӡе.