Иракли Кобахиӡе - Акциақәа ирылахәу аҿар рхаҭарнакцәа жәаҩык алхны урҭ рҟны аартызаара иазку азакәан иаарту адискуссиа амҩаԥгара рыдасгалоит
Иракли Кобахиӡе - Акциақәа ирылахәу аҿар рхаҭарнакцәа жәаҩык алхны урҭ рҟны аартызаара иазку азакәан иаарту адискуссиа амҩаԥгара рыдасгалоит

Акциақәа ирылахәу аҿар жәаҩык рхаҭарнакцәа иалхны, урҭ рҟны аартызаара иазку азакәан иаарту адискуссиа амҩаԥгара рыдасгалоит, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

“NGO-қәа имҩаԥырго аҵыхәтәантәи кциақәа рҿы амчылара аҩаӡара маҷхеит, ари азы акциақәа рҿы иҟаз ҳҭәылауаа зегьы иҭабуп ҳәа рсҳәар сҭахуп. Акциақәа рҿы аҭыԥ змаз амчылара иконкрету аиҿкааҩцәа аман. Урҭ арадикалтә партиақәеи NGO-қәеи урҭ ирыдҳәалоу амчыларатә гәыԥқәа роуп. Убри аҟынтә амчылара армаҷра ақәыԥшцәа ирыбзоуроуп ҳәа сгәы иаанагоит. Урҭ ари азакәан Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш иаԥырхагахоит ҳәа агәра ргоит.

Убри аҟынтә, акциақәа ирылахәу аҿар жәаҩык рхаҭарнакцәа иалхны, урҭ рҟны аартызаара иазку азакәан иаарту адискуссиа амҩаԥгара рыдасгалоит”, – ааицҳаит аԥыза-министр.