Иракли Кобахиӡе - Аконкреттә мчқәа хықәкыла аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьара рҽазыркит, уи амчылара ахылҵуеит, ҳара уи ҳаҿагылароуп, аусеилыргара мҩаҧгатәуп
«Аконкреттә мчқәа хықәкыла аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьареи, аполиаризациеи арҕәҕәареи арадикализм аларҵәареи рҽазыркит, уи амчылара ахылҵуеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара аусеилырга амҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵеит.
Иара убас, Кобахиӡе аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит атәылаҿ аполиаризациа зырҕәҕәо изакәызаалак шьаҿак ҟарымҵарц.
«Атәыла анапхгара аусеилырга амҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵеит. Ҳәарада, афактқәа зегьы рзы аусеицура мҩаҧгатәуп. Амчылара ииашам, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом. Атәыла анапхгара абарҭ азҵаарақәа еилдыргароуп. Уажәазы ҳтәылазы зегьы реиҳа ихадоу — аполиаризациа аҵыхәҧҵәареи арадикализм армаҷреи ауп. Аконкреттә мчқәа хықәкыла аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьареи аполиаризациа арҕәҕәареи рҽазыркит, рыцҳарас иҟалаз, абри зегьы амчылара ахылҵуеит. Уи даараӡа ицәгьоуп. Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит атәылаҿы аполиаризациа зырҕәҕәаша изакәызаалак шьаҿак ҟарымҵарц», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.