Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе даҽазнык ааицҳаит акандидат астатус иадҳәаланы агәыҕра ду шимоу.
Кобахиӡе игәаанагарала, иажәақәа шьақәнарҕәҕәоит аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рриториа аҧсахра.
«Мышқәак рышьҭахь, Еврокомиссиа, акандидат астатус иазку аихшьаала цәырнагоит. Убри анеҩс, мызкы ашьҭахь, Европатәи ахеилак аҵыхәтәантәи аӡбара аднакылоит. Ҳара абри апроцесс аоптимизмла ҳахәаҧшуеит, ишубарҭоу ала, ҳтәыла акандидат астатус аиуеит. Аоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рриторика рыҧсахит, уи алагьы иубарҭоуп ҳара акандидат астатус шҳарҭо. Ишәгәалашәозар ҟалап абарҭ апартиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ҳтәыла астатус амоурц азыҳәан ирылшоз зегьы шыҟарҵоз. Дара Еврокомиссиа алахәылацәа ирарҳәон ҳтәыла 2 абжьагарак мацара инанагӡазшәа.
Аоппозициатә партиақәа иаартны акандидат астатус иаҿагылан. Иацы Петре Цискаришвили даҽазнык уи азхеиҵеит, иара иҳәеит: – ааи, ҳара астатус ҳарҭароуп, аха, усҟан ҳара европатәи ҳпартниорцәа ари азҵааразы ҳрацәажәароуп ҳәа.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы акандидат астатус иаҿагыланы ирылшоз зегьы ҟарҵон, Саломе Зурабишвилигьы убри акәын дызҿыз. Дара ҳтәыла акандидат астатус амоурц азыҳәан ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Рреитинг иаҳа икаҳар ҳәа ишәон, аха, дарбанзаалак аполитикатә субиект, итәыла аҿаҧхьа аҭакҧхықәра имазар, дпатриотзар, ихатә партиатә интересқәа ракәымкәа, аҳәынҭқарратә интересқәа дрызхәыцроуп.
Урҭ иҭынхадоу уаауп. Баша, «аибашьра апартиа», «аилаҩынтәра апартиа» ауп. Дара убри азоуп иҟарҵо зегьы зыҟарҵо, атәыла аҿиареи ҧхьаҟацареи иазхәыцуам, акандидат астатус аиура аганахьалагьы», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.