Иракли Кобахиӡе  - Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара Молдовеи Украинеи раҧхьа Евроеидгыла ҳшалало  
Иракли Кобахиӡе  - Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара Молдовеи Украинеи раҧхьа Евроеидгыла ҳшалало  

«Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара Молдовеи Украинеи раҧхьа Евроеидгыла ҳшалало», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара убас, Кобахиӡе игәаанагарала, Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәылаҟны аиҿцәажәарақәа иалагоит  2024 шықәсазы.

«Ҳара еснагь аконкреттә процессқәа ралагара алшара ҳауан Украинеи Молдоеи раасҭа иаҳа икьасаны. Избан? Аполитикатә аӡбара  – уи акоуп, аха, рызынтәгьы ибзианы ирбоит Қырҭтәыла Украинеи Молдовеи   раҧхьа ишгылоу. Ҳара аспектқәа зегьы рыла ҳариааит,  апараментрқәа зегьы рыла жәантә ҳреиҕьуп.  Ҳара дара рышьҭахь ауп акандидат астатус анҳауз, аха, агәра шәсыргар сҭахуп дара раҧхьа Евроеидгыла ҳшалало», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.