Иракли Кобахиӡе - Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла антидемократиатә ԥсахрақәа ҟалеит ҳәа иконкрету пунктгьы сарымҳәеит
Иракли Кобахиӡе - Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла антидемократиатә ԥсахрақәа ҟалеит ҳәа иконкрету пунктгьы сарымҳәеит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла антидемократиатә ԥсахрақәа ҟалеит ҳәа иконкрету пунктгьы сарымҳәеит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Қырҭтәыла аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа иаауа ашықәс алагамҭазы еиӷьхоит.

“Иацы аинтерес ду зҵаз аиҩызаратә аиԥылара ҳаман. Азҵаарақәа зегьы ҳрыхцәажәеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла антидемократиатә ԥсахрақәа ҟалеит ҳәа иконкрету пунктгьы сарымҳәеит. Аартызаара иазкны зҵаарақәак сыман. Ари ахырхарҭалагьы аҭыԥ аман аргументқәа шьаҭас измамыз ахәшьараҭара. Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа иаауа ашықәс алагамҭазы еиӷьхоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.