Иракли Ҕарибашвили  - Зеиԥшрахо ҳаздырым аҭагылазаашьаҿ, ҳнапхгара атәыла ахьчареи аиқәырхареи рзы ииашоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп, ари аҵак ду амоуп
Иракли Ҕарибашвили - Зеиԥшрахо ҳаздырым аҭагылазаашьаҿ, ҳнапхгара атәыла ахьчареи аиқәырхареи рзы ииашоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп, ари аҵак ду амоуп

Ҳара аҭынчратә политика мҩаԥаагоит, аҭынчра ҳахьчоит, аҭынчратә политикала атәыла акзаара ҳазааигәахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Европатәи аполитикатә аидҵара  (EPC) аҩбатәи асаммит иалагаанӡа. 

„Изныкымкәа сҳәахьеит, ҳтәыла ахәҭа импыҵахалоуп. Ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара ауп ҳара ҳзы зегь реиҳа идуӡӡоу аԥхьара, ҳара Евроеидгылеи Натои ҳрылам. Ашәарҭалара гарантиақәа ҳамам. Зеиԥшрахо ҳаздырым аҭагылазаашьаҿ, ҳнапхгара атәыла ахьчареи аиқәырхареи рзы ииашоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп, ари аҵак ду амоуп. Ҳара аҭынчратә политика мҩаԥаагоит, аҭынчра ҳахьчоит, аҭынчратә политикала атәыла акзаара ҳазааигәахоит”, –иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.