Иракли Ҕарибашвили – Урыстәыла ала импыҵахалоу арегионқәа рдеоккупациа ҳҳәынҭқарразы ахадаратә ҳасабтәны иаанхоит, сара агәра ганы сыҟоуп аҧсуааи ақырҭуаа ҭынч аицҟазаара  шаҳҧеиҧшу
Иракли Ҕарибашвили – Урыстәыла ала импыҵахалоу арегионқәа рдеоккупациа ҳҳәынҭқарразы ахадаратә ҳасабтәны иаанхоит, сара агәра ганы сыҟоуп аҧсуааи ақырҭуаа ҭынч аицҟазаара  шаҳҧеиҧшу

«30 шықәса раҧхьа,  1993 шықәса цәыббра  27 рзы,  ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ихьанҭаз ахҭыс ҟалеит, Аҧснытәи аибашьра Аҟәа акаҳарала ихыркәшан», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аетникатә рыцқьара амшала, шәнызқьҩыла ауааҧсыра, рыҧсадгьылаҿ ахҵәацәас иҟалеит.

«Ари аибашьра ҳтәыла арыцҳара ду иҭанаргылеит  – аетникатә рыцқьара  амшала шәнызқьҩыла ауааҧсыра, рыҧсадгьылаҿ ахҵәацәас иҟалеит.  Аха, зегьы реиҳа ихьанҭоу –  ари аибашьра иалаӡит ҳтәылауаа рацәа; Урыстәыла ала импыҵаҳалоу ҳрегионқәа рдеоккупациа ҳҳәынҭқарразы ахадаратә ҳасабтәс иаанхоит. Ари аибашьра иалаӡыз ауааҧсыра зегьы рҭаацәарақәа рылахәылацәеи рыуацәеи даҽазнык срыдашшылоит.

Иахьа, ари аибашьра иаҳзаанагаз арыцҳара анаҳгәалашәо,  даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара ҳшазыразу;  ҳаиҳабыра ари амҩа ианыланы ҧхьаҟацара иаҿуп, избанзар, агәра ганы ҳаҟоуп аҭынчра  —  аҧсуааи ауаҧсааи ҳареи ҳаидгыланы, иҿиаау атәыла злаҳаргылаша ашьаҭа ҕәҕәа шакәу. Сара агәра ганы сыҟоуп аҧсуааи ақырҭуаи ҭынч аицҟазаареи ашәҭыкакаҷреи шаҳҧеиҧшу“, — иҳәеит аҧыза-министр.