Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәылеи Казахстани астратегиатә усеицуреи аиҩызареи рыбжьоуп, уи ирҕәҕәоуп ҩ-еиҳабырак реизыҟазаашьақәа рыла
Қырҭтәылеи Казахстани астратегиатә усеицуреи, аиҩызареи рыбжьоуп, уи ирҕәҕәоуп ҩ-еиҳабырак реизыҟазаашьақәа рыла, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Казахстан аҧыза-министр Алихан Смаилови иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиаз ала, ишиашо аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Казахстани Қырҭтәылеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
„Акыр иаҧсоу сколлегеи сҩызеи, Казахстан аҧыза-министр Алихан Смаилов салам исҭар сҭахуп. Иара Қырҭтәыла раҧхьатәи аофициалтә визит мҩаҧигоит. Ҳаиҳабыреи ҳажәлари рыхьӡала аҭабуреи аҳаҭырқәҵареи изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп. Қырҭтәылеи Казахстани астратегиатә усеицуреи, аиҩызареи рыбжьоуп, уи ирҕәҕәоуп ҩ-еиҳабырак реизыҟазаашьақәеи русеицуреи ала.
Ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аҵан, Қырҭтәылеи Казахстани ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Иара убас, ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу атенденциақәа ҳашрықәгәырҕьо. Сара аекспорт азҳареи, ахәаахәҭратә аикәшара азҳареи ауп сызлацәажәо. Иара убас, гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп Казахстанынтә Қырҭтәылаҟа атуристцәа рхыҧхьаӡара есышықәса ишазҳауа. Ҳара Қырҭтәылаҿ иаҳа ирацәаны атуристцәеи аинвесторцәеи ҳбар ҳҭахуп. Казахстан Қырҭтәылаҿ акрызҵазкәа аинвестициақәа мҩаҧнагоит, ҳара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус еицаауеит. Ҳәарада, ҳара зымҩаҧгара ҳгәы иҭоу апроектқәагьы ҳрылацәажәеит, арҭ апроектқәа ҳтәылақәа рстратегиатә усеицура арҕәҕәара иацхраауеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.