Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла қәнагала европатәи аперспектива аиуит, ҳара ари ақәҿиара ҳақәнагоуп
«Қырҭтәыла қәнагала европатәи аперспектива аиуит, ҳара ари ақәҿиара ҳақәнагоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, европатәи аперспектива аиура ала, ҳтәыла Европаҟа ашә азаадыртит, Евроеидгыла алаларазы аперспектива арҭеит.
«Европа Ахеилаки Евроеидгыла иалахәы атәылақәеи иацы ирыдыркылаз аӡбара салацәажәар сҭахуп. Европатәи ҳпартниорцәеи алидерцәеи ишазгәарҭаз ала, иацтәи амш аҭоурыхтә ҵакы аман. Ҳтәыла иақәнагаз ақәҿиара аиуит. Адокумент ианыз жәбеит. Европа ашә ҳзаанатит. Абри зегьы ҳажәлар европатәи апринципқәа ирзаадырҧшуа азгәыкреи, ҳпринципреи, жәашықәса рыла имҩаҧаагаз аусуреи иабзоуроуп.
Иацы европатәи алидерцәа рҳәамҭақәа шәаҳаит. Дара иҳәаақәырҵаз априоритетқәа анынаҳагӡалак, Қырҭтәыла акандидат астатус аиуеит. Убри аҟынтә, Евроеидгыла иаҳзықәнаргылаз аҳәарақәа зегьы ирласӡаны рынагӡаразы амотивациа ду ҳамоуп. Ҳара уи ҳазыхиоуп.
Украинеи Молдовеи даҽазнык ирыдысныҳәалар сҭахуп. Даргьы европатәи аперспективеи акандидат астутси роуит. Ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.