Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит
„Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит.
„Ақырҭуа гәахәтәы“ апрессмаҵзура аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҧыза-министрс даныҟаз Китаитәи жәлартә республикаҟны аусеицура арҭбааразы имҩаҧигаз аусура ду азыҳәан.
Иара убас, аиҧылараҿы арегиони адунеи рҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьеи иазааҭгылеит.