Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ишиӡука Ҳидеки диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ишиӡука Ҳидеки диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ишиӡука Ҳидеки диҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла адипломатиатә миссиа алагала идныҳәаланы, ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла 2 тәылак русеицура иалацәажәеит. Қырҭтәылеи Иапониеи рыбжьара аекономикатә аимадарақәеи урҭ рырҭбаара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу абизнеслагылазаареи атәым инвестициақәа рыдаҧхьаларазы атәылаҿ активла имҩаҧыуа аусуреи.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, аекспорт ацхраареи, абинес маҷи абжьаратә бизнеси аҿиареи аганахьала иҟоу аперспективақәа.

Иракли Ҕарибашвили Ишиӡука Ҳидеки ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит Иапониа ацҳаражәҳәарҭа ахҧатәи амаӡаныҟәгаҩ Иватареи Отаро.