Иракли Ҕарибашвили Мальтатәи ареспублика аҧыза-министр диҧылеит

12:40, 22.09.2023

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мальтатәи ареспублика аҧыза-министр Роберт Абела диҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганклатәии аганрацәалатәи аформатқәа рҿы аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи, иара убас, евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресси иалацәажәеит. 

Қырҭтәыла евроинтеграциа ианалацәажәоз, аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла 12 абжьагарақәа реиҳара инагӡоуп,  ари апроцесс инагӡоит, иаанханы иҟоу зҵаарақәак рыӡбоит Евроеидгыла абжьагарақәа инрықәыршәаны. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп. 

 

Еиԥшу