Иракли Ҕарибашвили Ирландиа апарламент ҵаҟатәи апалата ахантәаҩы Шон О’Фаррелл диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Ирландиа апарламент ҵаҟатәи апалата ахантәаҩы Шон О’Фаррелл диҧылеит 

 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ирландиа апарламент ҵаҟатәи апалата ахантәаҩы Шон О’Фаррелл диҧылеит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Ирландиеи рпартниортә еизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.  

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәа аусеицура арҭбааразы ирымоу аҵакы. Ҷыдала иазгәаҭан  ҩ-тәылак рыбжьара апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рдинамика бзиа. 

Хшыҩзышьҭра азун ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу апотенциал, ишазгәаҭаз ала, уи инагӡаны ахархәара амазароуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа ирландиатәи аинвестициақәеи Қырҭтәыла еиқәыршәоу абизнеслагылазаареи иалацәажәеит. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу ақәҿиарақәа, аиҧылара алахәылацәа агәыҕра аадырҧшит атәыла апрогресс иахәҭоу ахәшьара аиуп ҳәа. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  атәыла акандидат астатус ианазыҧшу аамҭазы, Ирландиа аҟынтә активтә аполитикатәи апрактикатәи адгылара аҵакы ҷыда амоуп. Ишазгәаҭаз ала, атәыла, инклиузивла, еишьҭаргыланы, иаартны 12 абжьагарақәа рынагӡара иаҿуп, Қырҭтәыла  арегионаҿ Евроеидгыла игәрагоу партниорс иаанхоит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы ирландиатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи адгыларазы, иара убас, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Ирландиа алагала ду шыҟанаҵо Еврвоеидгыла Анаҧшратә миссиа аусураҿы. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара ишазгәыку. 

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи ирылацәажәеит.