Иракли Ҕарибашвили – Ҳара имаҷымкәа амцҳәареи аманипулиациақәеи ҳаҳаит, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, избанзар дара зеиҧшрақәоу аадыруеит
«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара имҩаҧаагаз аусура, имҩаҧаагаз ареформақәа шьаҭанкыла еилҳаргеит, ажәлар даҽазнык иргәалаҳаршәеит ҳахьыҟаз, иахьа ҳахьыҟоу, насгьы ҳҟалар ахьаҳҭаху», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы аихшьаалатә ажәахә аныҟаиҵоз.
«Иара убас, сара, атәыла кыраамҭалатәи аҿиара ахадаратә параметрқәеи аконтурқәеи инарҭбааны срылацәажәеит. Ҳгәы ишаанаго ала, абри аплан ҳтәылауаа ашәҭыкакаҷра рзаанагоит, ҳтәыла аҿиареи арҕәҕәареи иацхраауеит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, азал аҿы амцҳәареи аманипулиациақәеи рацәан.
«Ҳәарада, ҳара имаҷымкәа амцҳәареи аманипулиациақәеи ҳаҳаит, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, избанзар дара зеиҧшрақәоу аадыруеит. Аҩызцәа, ҳара уажәааны ҳазхысыз ауадаҩрақәа еснагь иҳгәалаҳаршәалароуп. Уи иаанагом ҳара «Амилаҭтә ҵысра» ҳреиҕьуп ҳәа ҳхы ҳаҧхьаӡароуп ҳәа. Аха, ажәлар ирхамшҭроуп агхақәа рацәа шыҟаҵаз. Абри азал аҿы изныкымкәа 90-тәи ашықәсқәа ҳгәалаҳаршәеит. Ҳдемократиа қәыҧшуп, 30 шықәса роуп иахыҵуа. Кыршықәса рыҩнуҵҟа атәыла иахагылаз ауааҧсыра крызҵазкәа агхарақәа рацәа ҟарҵеит.
90-тәи ашықәсқәа рзы, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара анеҩс, азеиҧш хықәкы дуӡӡа ажәлар зегьы еиднакылеит. Уи ҳтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара иазкыз ахықәкы ссир акәын, Асовет Еидгыла аилаҳара ашьҭахь ҳара абри ахықәкы наҳагӡеит. Убри анеҩс, аҭакҧхықәрадатә ҳполитикатә елита рымшала ҳтәылаҿы атәылауаҩратә еибашьра иалагеит, ҳашьцәа ҭахеит, аҵакырадгьылқәа ҳцәыӡит, Аҧсни Самачаблои аибашьра иалагеит. Абри зегьы амшала, ҳмилаҭ еиҟәшеит, абри ауп изыхҟьаз уажәы сара сызлацәажәо зегьы», — иҳәеит Ҕарибашвили.