Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп
Ҳуааҧсыра 90% ргәы ишаанаго ала, ҳхылҵ, ҳмаҭацәа, ҳҿар ҧырхага рзаазго, амилаҭтәи агәыҳалалратәи принципқәа ирҿагыло апропаганда аҟынтә ихьчатәуп, – иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили Баҭым, «ЛГБТ апропаганда» иаҿагыло азакәан адкылара иазку аинициатива даналацәажәоз.
«Адунеи зехьынџьара апропагандатә кампаниа ду мҩаҧысуеит. Атрансгендерцәа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рахь инаганы ахәыҷқәа иддырбоит — Америкагьы Европагьы зехьынџьара ахәыҷқәа ирарҳәоит аӡҕабра ма аҷкәынра шәгәамҧхозар, ишәыҧсахыр шәылшоит ҳәа. Иахьа адунеи зехьынџьара абри аҩыза апропаганда мҩаҧысуеит. Убри аҟынтә, ҳгәыҧ аҩныҵҟа ари азҵаара ҳалацәажәеит, апарламенттә аиҳара ҳгәыҧ ахьӡала ари аинициатива цәырыргеит. Ҳажәлар уи ииашаны еилыркаап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳара антидискриминациатә закәан анҳадаҳкылоз, сара еилыкка исҳәеит Аконституциаҿы аҭаацәара аилыркаара шыҟаҵатәыз. Анеҩс, 2017 шықәсазы, Аконституциаҿы анҵамҭа ҟаҵан аҭаацәара ахаҵеи аҧҳәыси реимадара шакәу. Ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азутәуп. Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп. Ҳажәлар, ҳхылҵ, инеизакны ҳмилаҭтә ҷыдарақәа ихьчатәуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.