Иракли Ҕарибашвили – Европатәи ҳколлегацәа иакымкәа афактқәа аҳзеиҭарҳәеит, аоппозициа ахаҭарнакцәа дара рахь инеины, Қырҭтәыла акандидат астатус арымҭарц ишрыҳәоз, абри аҩыза ачарҳәара шәхахьы ишәзаагома?

«Европатәи ҳколлегацәа иакымкәа афактқәа ирызкны иаҳзеиҭарҳәеит, аоппозициа ахаҭарнакцәа дара рахь инеины, Қырҭтәыла акандидат астатус арымҭарц ианрыҳәо, абри аҩыза ачарҳәара шәхахьы ишәзаагома?», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, арҭ афактқәа шьақәдырҕәҕәоит аоппозициаа аус шеиҵарҟьо.

«Европатәи ҳколлегацәа иакымкәа афактқәа ирызкны иаҳзеиҭарҳәеит,  изныкымкәа аконкреттә ахьӡқәа рҳәахьеит, аҭакҧхықәрадатә ҳоппозициа ахаҭарнакцәа Европаҟа инеины, иаартны ҳпартниорцәа ирыҳәоит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахьынӡаҟоу  Қырҭтәыла акандидат астатус арымҭарц. Абри аҩыза ачарҳәара шәхахьы ишәзаагома, ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа абас рыҧсахра жәбахьома?», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.