Иракли Ҕарибашвили EBRD анапхгаратә директор  диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили EBRD анапхгаратә директор  диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк (EBRD) анагӡаратә директор Матео Патроне диҧылеит, иара аҧыза-министр дидигалеит Кавказаҿ  EBRD арегионалтә директор ҿыц Алкис Врениос Дракинос.

Аиҧылара лхы алалырхәит  EBRD уажәтәи арегионалтә директор Катарина Биорлин Ҳансен, лара лусура аҿҳәара нҵәоит нанҳәа 30 рзы, Алкис  Врениос Дракинос аусура далагоит цәыббра 1 инаркны.

Иракли Ҕарибашвили  Алкис  Врениос Дракинос амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит,  Катарина Биорлин Ҳансен ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра қәҿиарала аус рыцуразы. Аиҳабыра рнапхгаҩы Алкис  Врениос Дракиноси Катарина Биорлин Ҳансени наҟ-наҟтәи русураҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи EBRD-и русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи апроектқәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит  атәылазы астратегиатә ҵакы змоу ахырхарҭақәа аҧара рзоушьҭра аганахьала, EBRD аҵакы ду шамоу. Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа змоу тәылоуп, аекономикатә трансформациа аганахьала европатәи амҩа иануп, ари апроцессаҿ EBRD ароль ду нанагӡоит.

Ишазгәаҭаз ала, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк (EBRD) Қырҭтәыла имҩаҧнаго 286 проектқәа ирзоунашьҭхьеит 5 миллиард евро аинвестициа.

Иракли Ҕарибашвили аекономикатә хырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра ирымоу ақәҿиарақәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, апроблемақәа шырацәоугьы, аполитика иаша абзоурала, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылаҿы  ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟоуп.

Аиҧылара алахәылацәа аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.