Иракли Ҕарибашвили – Апроект “Арратә лагерь” аҿар ииашоу апринципқәа рылааӡара иацхраауеит
«Апроект «Арратә лагерь» аҿар рацәа, ҳхылҵ, игыло абиҧара иазҿлымҳахоит. Ари аинициатива аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Атәылахьчара аминистрра апроект ҿыц – «Арратә лагерь» аартратә уснагӡатәаҿ данықәгылоз. Ауснагӡатә мҩаҧган Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиаҿы.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, арбџьармчқәа ауаажәларра аҿиараҿы ароль ду нарыгӡоит.
«Ар, ҳгәы зыздуу арбџьармчқәа ароль ду нарыгӡоит ауаажәларра аҿиара аус аҿы. Ҳҿар аханатәгьы, ашкол инаркны ари аус иазҿлымҳахарц иҟаҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷбаҳчақәа рҿгьы аҵара алаҳарҵәароуп, ҳҿар иаҳа ирацәаны аинформациа рымазароуп, арбџьармчқәа анапхгара шрыҭатәу иазкны иаҳа ирацәаны ирдыруазароуп. Дара рхаҭа абри зегьы еилыркаарц, рхы аладырхәырц алшара рымазаауеит. Убри ала, ганкахьала, ар ахь азҿлымҳара азҳара ҳацхраауеит. Шәара ҳаибашьрақәа ирылахәыз ҳаруаа, зыҧсы ҭоу афырхацәа шәырҧылоит, дара ҳбрџьармчқәа рхаҵара иазкны ишәзеиҭарҳәоит. Ҧаса иҟаз афырхаҵара мацараз акәымкәа, ҳаамҭазы, шықәсқәак раҧхьа иаарҧшыз афырхаҵара азгьы. Агәра ганы сыҟоуп абри алагерь ҳҿар ииашоу апринципқәа рылааӡара ишацхраауа. Ҳаамҭазтәи адунеиаҿ аҿар хызхша рацәоуп. Ҳәарада, Қырҭтәыла аглобализациа иалахәып, убри аҟынтә, ҳҿар аханатәгьы ахырхарҭа иаша рыҭатәуп. Ари апроцессаҿ аҳәынҭқарра ароль ду нанагӡоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.
Апроект еицымҩаҧыргоит Атәылахьчара аминистрреи Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрреи. Зынӡа алагерь рхы аладырхәоит 800ҩык аҵаҩцәа.