Иракли Ҕарибашвили аҳолдинг Mivtach Shamir ахантәаҩы Меиер Шамр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили аҳолдинг Mivtach Shamir ахантәаҩы Меиер Шамр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аҳолдинг Mivtach Shamir ахантәаҩы Меир Шамир диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа атәыла аинвестициатә потенциали ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит, ҷыдала иалкаан аенергетикеи ақыҭанхамҩеи аусхкқәа.

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит астратегиатә ҵакы змоу Қырҭтәыла аҭыҧи, жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара азҳареи, атәылаҿы еиқәыршәоу иманшәалоу ашәахтә ҭагылазаашьақәеи.

Mivtach Shamir – идуӡӡоу аҳолдинқәа иреиуп, уи 30 шықәса еиҳаны израильтәи аџьармыкьаҿы иеиҭамҵуа амали, аенергетикеи, афинансқәеи, атехнологиақәеи ахырхарҭала аус ауеит. Иара убас, аилахәыра Индиеи Америкеигьы аус ауеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит аенергетика асектор аҿы аилахәыра Mivtach Shamir апартниор Дорон Групери аелектостанциақәа рхархәара аексперт Шломо Гиги. Ақырҭуа аган аҟынтә – авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии аминистр ихаҭыҧуаҩ Ромео Миқаутаӡеи.