Иракли Ҕарибашвили Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда ашьаҭаркра 29 шықәсатәи аиубилеи адиныҳәалеит

10:32, 23.06.2023

Аветеранцәеи уажәтәи аусзуҩцәеи зегьы, шәызынтәгьы Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда ашьаҭаркра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп, ари амаҵзура ашьаҭаркра инаркны 29 шықәса ҵит, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили “Феисбук” ала аладырҵәаз идныҳәалараҿ.

Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны шәама амиссиа ҷыда шәымыоуп –  ҳтәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи шәыхьчоит.

Иахьа ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан фырхаҵарала иҭахаз шәҩызцәеи шәколлегацәеи. Хашҭра рықәымзааит афырхацәа.

Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура зыҩаӡара ҳараку мраҭашәаратә стандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи амаҵзурас ишьақәгылеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит гәыкала шәус ахьынашәыгӡо азыҳәан”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Еиԥшу