Иракли Чиқовани Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Иракли Чиқовани Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит

Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Гаррет Уорд диԥылеит, – аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, Иракли Чиқовани Гаррет Уорд ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ аанкылара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

«Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Британиа Дуи ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҵакы иазгәаҭаны. Аганқәа атәылақәа рыбжьара атәылахьчаратә хырхарҭала аусеицура иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рырҿиареи Нато аинтеграциеи рҿы Британиа Ду алагала ду шамоу», — иазгәаҭоуп Атәылахьчара аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.