Иракли Анҭаӡе - Ергнеҭтәи аиԥылараҿ зҵаара хаданы ампыҵахаларатә мчқәа закандарала иааныркылаз Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа рхақәиҭтәреи
Иракли Анҭаӡе - Ергнеҭтәи аиԥылараҿ зҵаара хаданы ампыҵахаларатә мчқәа закандарала иааныркылаз Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа рхақәиҭтәреи

Ергнеҭи Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара ашьҭахь аларҵәара зауз адыррақәа рыла ишеилкаахаз, иахьа импыҵахалоу Цхинвали закәандарала иааныркыоаз Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа Дмитри Коринҭелии Гьаргь Мелаӡеи рыӡбаратә процесс мҩаԥысуеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе иҳәамҭала, аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан Ҭамаз Гинтури ишьра иалахәыз ахаҿқәа ридентификациеи рхьырхәреи азҵаара.

Иара убас аиԥылараҿ ирхәаԥшит ампыҵахаларатә мчқәа закандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәреи “абордеризациа” апроцесси ирызку азҵаарақәа. Аҵыхәтәантәи ҩымза рыҩныҵҟа, ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иаарԥшын абордеризациа ҩфактк, закәандарала даанкылан Қырҭтәыыла атәылауаҩы.