Иракли Ӷарибашвилии "Штадлер" адиректори Қырҭтәыла азауад аргылара алшара иахәаԥшит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили “Штадлер” (Stadler Rail AG) адиректорцәа рхеилак ахада Питер Шпулер диԥылеит.
Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ иахәаԥшит Қырҭтәыла аиҳабыреи “Штадлери” ирыбжьоу аусеицура азҵаарқәаеи имҩаԥаԥысуа апроектқәеи ирыхәаԥшит. Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу абизнеслагылазаареи абри ахырхарҭала атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи, иара убас, Евроеидгылеи, Китаии, арегион атәылақәеи рҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭрақәагьы ирзааҭгылеит, ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала, Қырҭтәыла адунеи идуӡӡоу аџьармыкьақәа ралалара алшара аиуит. Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан арегионалтә атранзиттә центр ҳасабала Қырҭтәыла ароли ари ахырхарҭала аҿиара аперспективақәеи.
Аиԥылараҿ иазгәаҭан Қырҭтәыла, арегионтә транзиттә ҳаб ароли ари ахырхарҭала аҿиара аперспективақәеи.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит „Штадлер“ амаркетинги аҭирақәеи рзы адиректор Матиас Стопи, Қырҭтәыла иҟоу Швеицариа ацҳаражәҳәаҩ Ҳеиди Грауи, „Қырҭтәыла аихамҩа“ агенералтә директор Давиҭ Ҧераӡеи, „Қырҭтәыла аихамҩа“ ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Кока Гунцаӡеи, „Қырҭтәыла аихамҩа“ афилиал апассаџьырцәа рымҩангаразы адиректор Дачи Цагуриеи.