Иракли Ӷарибашвилии Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит
Иракли Ӷарибашвилии Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Германтәыла аканцлер Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит.

Аиҽцәажәараҿ зҵаара хадақәаны иқәгылан Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭеи Украина иҟоу аҭагылазаашьеи

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Германтәылеи еиуеиԥшым ахырхарҭала ирыбжьоу апартниорра.

Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла ахьӡала Германтәыла иҭабуп ҳәа аиҳәоит Евроатлантикатәи аинтеграциа амҩаӡ Германтәыла ароли Евроеидгыла алаларазы аҳәамҭа ахцәажәара апроцесс аҿы Германтәыла адгылареи рзы

Аганқәа Украина ицо аиьашьра иахцәажәеит. Иракли Ӷарибашвили даҽазнык иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҩызреи адунеитә алидерцәеи рыдгылара аибашьра аанкылара аус аҿы аҵак душамоу.