Иракли Ӷарибашвили - Зымҽхак ҭбаау апроект ҳалагоит, 13000-рҟынӡа ихҵәоу аҭаацәарақәа иаашьҭанеиуа хышықәса-ԥшьышықәса рзы аҩнқәа роуеит
Иракли Ӷарибашвили - Зымҽхак ҭбаау апроект ҳалагоит, 13000-рҟынӡа ихҵәоу аҭаацәарақәа иаашьҭанеиуа хышықәса-ԥшьышықәса рзы аҩнқәа роуеит

Зықьҩыла ахҵәацәа анхарҭақәа раҳҭахьеит, “Аҩны ақыҭан” аҳәаақәа ирҭагӡангьы аҩнқәа рзааҳхәахьеит, аха ари иахқәамԥшыкәа, ауадаҩрақәа иҵегьы иҟоуп, – иҳәеит Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ирацәаӡаны ахҵәацәа макьана аҩнқәа рымам.

“Убри аҟынтә зымҽхак ҭбаау апроект ҳалагоит, 13000-рҟынӡа ихҵәоу аҭаацәарақәа иаашьҭанеиуа хышықәса-ԥшьышықәса рзы аҩнқәа роуеит. Урҭ рҟынтә 6000 ҭаацәара анхарҭақәа  роуеит “Аҩны ақыҭан” аҳәаақәа ирҭагӡангьы. 7000 ҭаацәара аҩн ҿыцқәа рыздыргылоит. Сынтәа Қәҭешь анхарҭаққәа ирырҭоит 700 ҭааҵәара, иара убас акорпусқәа рыргылара иаҿуп Қырҭ, Русҭави, Жәыргьыҭ, Қәҭешь, Борџьоми“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.