Иракли Ӷарибашвили - хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз референдум ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы крызҵазкәа хҭысны иаанхоит, ари ахҭыс шьаҭас ҭаны иалагеит зхы иақәиҭу адемократиатә тәыла аргылара апроцесс
32 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла ауааԥсыра зегьы адунеи аҿы ираҳартә азы Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара шадгыло аҳәамҭа ҟанаҵеит. 1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз аҭоурыхтә референдум азы ауааԥсыра ирыдыркылаз аӡбара шьаҭас аҭаны, мшаҧы 9 рзы, Иреиҳаӡоу ахеилак аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара акт рыдыркылеит – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
Ӷарибашвил иажәақәа рыла, хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз референдум ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы крызҵазкәа хҭысны иаанхоит, ари ахҭыс шьаҭас ҭаны иалагеит зхы иақәиҭу адемократиатә тәыла аргылара апроцесс.
“Убри амш иҿырԥшыгахеит, Қырҭтәыла иқәынхо ауааҧсыра зегьы, урҭ рыгәҭа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсырагьы, еицҿакны, аҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит.
Ари амш даҽа крызҵазкәа амзыз амоуп – ари аҽны диит Қырҭтәыла раҧхьатәи ахада, жәлар рлидерҵәҟьа, Звиад Гамсахурдиа. Иахьа иара 84 шықәса ихыҵраны дыҟан.
Хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргыларазы, ақырҭуаа рабиҧарақәа рацәа иззықәҧоз, аџьаабаа ду здырбалаз ахықәкы хада анагӡаразы алшара ҟалеит”, – иануп аԥыза-министр иҳәамҭа аҿы.