Иракли Ӷарибашвили - Хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргыларазы
Хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргыларазы, ақырҭуаа рабиҧарақәа рацәа иззықәҧоз, аџьаабаа ду здырбалаз ахықәкы хада анагӡаразы алшара ҟалеит , – абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ауааԥсыра ареферендум амҩаԥгара 31 шықәсатәи аиубилеи рыдиныҳәалеит.
“Ҳтәыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит 1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз аҭоурыхтә референдум инаркны 31 шықәса аҵра.
Убри аҽны, Қырҭтәыла иқәынхо ауааҧсыра зегьы, урҭ рыгәҭа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсырагьы, еицҿакны, аҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит. Ажәлар рыӡбара шьаҭас иҟаҵаны, зыӡбахәы ҳәоу ашықәс мшаҧы 9 рзы, Иреиҳаӡоу ахеилак аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара акт рыдыркылеит.
Абри аиааира ауаа рацәа иазықәҧон, аха, ҳәарада, абри аихьӡара Қырҭтәыла раҧхьатәи ахада, жәлар рлидерҵәҟьа, Звиад Гамсахурдиа ибзоуроуп. Иахьа иара 83 шықәса ихыҵраны дыҟан.
Хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргыларазы, ақырҭуаа рабиҧарақәа рацәа иззықәҧоз, аџьаабаа ду здырбалаз ахықәкы хада анагӡаразы алшара ҟалеит – ахатә ҭоурыхи акультуреи рыла адунеи амилаҭақәа рыгәҭа иахәҭоу аҭыҧ аанызкыло, иаку, иҕәҕәоу Қырҭтәыла аргылара.
Агәра ганы сыҟоуп ахьыҧшымреи ахақәиҭреи аидеиалқәа рызгәыкреи, атәыла анапхгареи ажәлари реилгылареи шакәу абри ахықәкы анагӡаранӡа ҳназгаша амҩа заҵәы”, – иануп Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.