Иракли Ӷарибашвили - Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго зымҽхак ҭбаау агрессиа ҳаҿагылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра ҳрыдгылоит, Украина ацхыраара наҳа́гӡоит
Иракли Ӷарибашвили - Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго зымҽхак ҭбаау агрессиа ҳаҿагылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра ҳрыдгылоит, Украина ацхыраара наҳа́гӡоит

Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго зымҽхак ҭбаау агрессиа ҳаҿагылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра ҳрыдгылоит, Украина ацхыраара наҳагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  адонорцәа жәларбжьаратәи рконференциаҿ “Украиназы”данықәгылоз

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, Украина ицо аибашьра иахҟьаны арегион аҟны агуманитартә кризис шьақәгылеит, Қырҭтәыла атәылаҿ иҟоу украинаа рыцхраара нанагӡоит.

„Швециеи Польшеи рԥыза-министрцәеи, Европатәи ахеилак ахадеи Еврокомиссиеи иҭабуп ҳәа расҳәоит асасдкыларазы. Қырҭтёыла аинтеграциа амҩаҿ шәара еснагь Қырҭтәыла адгылара азаашәырԥшуан.  Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго зымҽхак ҭбаау агрессиа ҳаҿагылоит, ари жәларбжьаратәи зини ЕАР ахартиеи реилагароуп. Ари аибашьра Европа ашәарҭадара наҟ-наҟтәи архитектуреи арегион ашәарҭадара ашьаҭақәеи ирныруеит.

Украина ицо аибашьра иахҟьаны арегион аҟны агуманитартә кризис шьақәгылеит, Қырҭтәыла атәылаҿ иҟоу украинаа рыцхраара нанагӡоит“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.