Сшәыҳәоит алаҵақәа ҟашәҵарц, адунеи аҿы иреиӷьу алаҵақәа, Агәабзхиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара авторизациа змоу алаҵақәа ааҳгеит, ҳара ҳаҵкьыс ибеиоу тәылақәак ари рылымшеит, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили “Ақырҭуа гәахәтәы” аҟынтә Марнеули ахада иҭыԥ азы акандидат данықәиргылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иҭаацәара алахәылацәа зегьы алаҵақәа рзыҟаҵоуп, ари ишәарҭам ҳәа.
“Апандемиа иахҟьаны сшәыҳәоит алаҵақәа ҟашәҵарц. Сҭаацәа алахәылацәа зегьы алаҵақәа рзыҟаҵоуп, алаҵақәа ишәарҭам. Ииашам, имцу адыррақәа рацәаны аладырҵәоит. Акандидатцәа зегьы, амажоритарцәа срыҳәоит, ажәлар рҟны аимадара дырӷәӷәарц, ирарҳәарц алаҵақәа шшәарҭам. Аиҳабыра адунеи аҿы иреиӷьу алаҵақәа, Агәабзхиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара авторизациа змоу алаҵақәа раиура алшеит, ҳара ҳаҵкьыс ибеиоу тәылақәак ари рылымшеит. Апандемиа аҭархаразы, аекономика аиҭашьақәыргыларахзы мҩа заҵәык ҳамоуп – алаҵақәа рыҟаҵара,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.