Иракли Ӷарибашвили Швециа аҳцаражәҳәаҩ диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Швециа аҳцаражәҳәаҩ диԥылеит

Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иҟанаҵаз аофициалтә аҳәареи Қырҭтәылеи Швециеи реизыҟазаашьақәеи ирыхәаԥшит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәаҩ Ульрик Ҭидестроми реиԥылараҿ.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз, Еврокомиссиа ихарҭәаау азҵаабӷьыц актәи ахәҭа Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы иоухьеит, аҩбатәи ахәҭа аус адулара иаҿуп.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Еврокомиссиа азҵаабӷьыц аиура Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы иҿыцу етапуп.

Аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәылеи Швециеи ирыбжьоу аполитикатә еизыҟазаашьақәа.