Иракли Ӷарибашвили - Шықәсык ҵит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аофициалтә аҳәара ҟаҳцеижьҭеи
Иракли Ӷарибашвили - Шықәсык ҵит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аофициалтә аҳәара ҟаҳцеижьҭеи

Шықәсык аԥхьа иалагаз иузмыргьежьуа аҭоурыхтә процесс, хара имгакәы Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ала шхыркәшахо агәра згоит”, – иануп аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Иажәақәа рыла, ҭоурыхи, акультуреи, ахәынаӡарақәеи рыла европатәи атәыла, мраҭашәаратәи ацивилизациа аоргантә хәҭа – Қырҭтәыла иахьатәи аԥсҭазаареи, зымҽхак ҭбаау ареформақәеи, аҿиара атемпи, ахаҭабзиареи рыла азхаҵара ақәнагоит

“Шықәсык ҵит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аофициалтә аҳәара ҟаҳцеижьҭеи. 2022 шықәса хәажәкыра 3 рзы сара ақырҭуаа абиԥарақәа рацәа ргәахәтәы, ҳажәлар рышьҭазаара аазырԥшуа адокумент анапы аҵазҩит. Иахьа ҳҭоурых абӷьыц ҿыц алагеит; хара имгакәа Евроеидгыла ахеилак Қырҭтәыла европатәи аперспектива аназханаҵо, ҳара зхы иақәиҭу европатәи аҭаацәара иаҳа ҳазааигәахоит.

Ҵыԥх ҳхықәкы анагӡаразы, европатәи аԥсҭазаара аҵасқәеи астандартқәеи, аинституциатә аиҿкаашьеи азакәанԥҵареи рзааигәахаразы, иаҳгаз ахыдҵақәа рынагӡаназы  ҳхы ҳамеигӡакәа аусуна ҳаҿын. Ари апроцесс аҿы адгылара ду шҳамоу иаабоит, уи аиҳабыреи аполитикатә гәыԥи рзы идуӡӡоу астимул ауп. Ари имариам амҩаҿ ҳара иҳадгыло европатәи ҳҩызцәа, ҳпартниор тәылақәа реиҳабырақәа, ажәларқәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

Евроеидгыла арҭбаара алшамҭақәа шьаҭас измоу процессуп, ари ауп агәыӷра ду ҳазҭо. Аҭоурыхи, акультуреи, ахәынаӡарақәеи рыла европатәи атәыла, мраҭашәаратәи ацивилизациа аоргантә хәҭа – Қырҭтәыла иахьатәи аԥсҭазаареи, зымҽхак ҭбаау ареформақәеи, аҿиара атемпи, ахаҭабзиареи рыла азхаҵара ақәнагоит. Шықәсык аԥхьа иалагаз иузмыргьежьуа аҭоурыхтә процесс, хара имгакәы Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ала шхыркәшахо агәра згоит”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.