Иракли Ӷарибашвили Румыниаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Беручашвили дылԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Румыниаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Беручашвили дылԥылеит. Ари атәы аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭамар Беручашвили ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит.
Ҭамар Беручашвили еиуеиԥшым аҭыԥқәа аанылкылон. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы лара Британиа ду аҿы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.