Иракли Ӷарибашвили - Амилаҭ раб ҳәа ззырҳәо ауаҩы, Илиа Ҷавҷаваӡе иахьа даҽазнык, аҭабуратә цәаныррала, ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Илиа Ҷавҷаваӡе ишьра амш инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Қәнагарала амилаҭ раб ҳәа ззырҳәо ауаҩҧсы, Илиа Ҷавҷаваӡ иахьа даҽазнык, аҭабуратә цәаныррала, ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит, – иануп аԥыза-министр иҳәамҭаҿ.
“Иахьа 115 шықәса ҵит Қырҭтәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә хҭысқәа иреиу – Илиа Ҷавҷаваӡе ишьра амш инаркны. Адунеи аҿы, шамахамзар, абри аҩыза ахҭыс уҧылом, уаҩҧсык, иҧсадгьыл азы абри аҩыза зымҽхак дуу алагала аныҟаиҵо. Илиа Ҷавҷаваӡе, акультура, аполитика, аекономика, ауаажәларратә ҧсҭазаара уҳәа, атәыла иахьагьы аҿиара излаҿу аусхкқәа зегьы рҿы ашьаҭа ҕәҕәа аанижьит. 1987 шықәсазы Қырҭтәыла Акаталикос-патраиарх Илиа II иҧшьгарала, абри алшамҭа дуӡӡа азхаҵаны, Илиа Ҷавҷаваӡе ацқьацәа дырхыҧхьаӡалан, ари ахҭыс амилаҭ-ахақәиҭтәратә ҵысра гәызҭаҵагас иазыҟалеит, ари апроцесс ҳтәыла ахьыҧшымрала ихыркәшан. Қәнагарала амилаҭ раб ҳәа ззырҳәо ауаҩҧсы, иахьа даҽазнык, аҭабуратә цәаныррала, ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит. Қырҭтәыла Илиа Ҷавҷаваӡе илшамҭақәа хаангьы ирхашҭуам,” – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.