Иракли Ӷарибашвили - Қырҭтәыла Урыстәыла аекономикатә санкциақәа ақәнамҵаз тәыла мацара акәӡам
Қырҭтәыла Урыстәыла аекономикатә санкциақәа ақәнамҵаз тәыла заҵәык акәӡам, ҳара асанкциақәа рықәҵара ҳалшомыз ҳмилаҭтә интеерсқәа рымзызла, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Катар аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны апанель аҿы данықәгылоз.
Иракли Ӷарибашвили Урыстәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызҵаара дахцәажәеит.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа 20% импыҵахалоуп, урыстәылатәи ар арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы гылоуп. Ӷарибашвили игәаанагарала, 2008 шықәсазы адунеи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьра иақәнагоз ақәҿымҭра азыҟамнаҵеи, Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аӡәгьы идимкылеит. Ари ахылҵит Ҟрым аннексиаи 2022 шықәсазы Украиназымҽхак ҭбаау аибашьреи.
“Украина аполитикатә адгылара азааҳарԥшуеит жәларбжьаратәи аплатформақәа зегьы рҿы – ЕАР, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаареи, ҳадагылеит 260 арезолиуциақәа. Иадеквату ареакциа шҳамаз абри ала иубарҭоуп. Изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟаҳҵахьеит хаз-хазы аилахәырақәа асанкциақәа рывсра алшара шраҳамҭо. Ҿырԥштәыс “VTB” аазгар сылшоит. Қырҭтәыла амилаҭтә банки аиҳабыреи ари азҵаара мчыбжьык ала ҳаӡбеит. Аха аекономикатә санкциақәа рықәҵара ҳалшомыз ҳмилаҭтә интеерсқәа рымзызла. Абри ауп амзыз.
Қырҭтәыла Урыстәыла аекономикатә санкциақәа ақәнамҵаз тәыла заҵәык акәӡам. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасаб ала, зҵакыладгьыл импыҵахалоу ажәлар ршәарҭадара сазхәыцуеит. Украина аполитикатә адгылара азааҳарԥшуеит жәларбжьаратәи аплатформақәа зегьы рҿы , жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҟны акоординациа ҳамоуп,” – иҳәеит Ӷарибашвили.