Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ  дылԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылԥылеит.

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҿы имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Израили ирыбжьоу аиҩызареи аусеицура ахырхарҭа хадақәеи ирыхәаԥшит.  Иара убас аиԥылараҿ Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә процессқәа рыхцәажәеит.

Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад адгылара лзааирԥшит 2023 шықәса жьҭаара 7 рзы Израиль аганахьала имҩаԥгаз ажәылара иадҳәаланы.